Абиблиа – Анцәа Иажәа – адунеи шшахаз, ауаҩытәыҩса дышшахаз, ҳаҟазаара хықәкыс, ҵакыс иамоу рымаӡа иазкуп. Уи аҿы иззааҭгылоу ауаҩытәыҩса раҧхьаӡа акәны дызҵалаз агәнаҳа иахҟьаны Анцәеи иареи шеиҟәгахаз, ауаҩҧсы наунагӡа аҧсра, аҭахара лахьынҵас ишиоуз ртәы мацара акәӡам. Уаҟа иеиҭаҳәоуп иара убас Анцәа Иҧа, Иисус Христос (Иаса Қьырса) ауаатәыҩса рыгәнаҳахыхра ихы ақәиҵарц, аҵабырг мҩа иқәиҵарц ари адгьыл ахь дшаашьҭыз.
Ажәа «абиблиа» аауеит абырзен ажәа «библос» ахьтә, уаҟа уи «ашәҟәқәа» ҳәа аанагоит. Ишьақәгылоуп хаз-хазы игоу 66 шәҟәы рыла. Убарҭ рахьтә 39 шәҟәы «Ажәытә Уасиаҭ» иатәуп, 27 шәҟәы – «Аҿатә Уасиаҭ».
«Аҳәахьа» мамзаргьы «Ауасиаҭ» («завет», «завещание») раҧхьаӡатәи аҵак ала, дац-ҧашәла измадоу ажәақәоуп «аиқәшаҳаҭра», «аидгылара», «ақәыргәыҕра». Ажәытәтәи ауриа бызшәаҿы ари ажәа «берит» ҳәа ауп ишуҧыло. Бырзен бызшәала – диатеке. Араҟагьы иаанагоит аидгылара, аиқәшаҳаҭра, аҳәахьа. Аиқәшаҳаҭра аҧҟарақәа аҧызҵогьы Иҳақәиҭу иоуп, зуасиаҭ зҳәо ауаҩҧсы ауасиаҭ аҳәара иақәиҭу иара шиакәу иеиҧш.
«Аҳәахьагьы», «ауасиаҭгьы» аханатә ҵакыла иеимадоуп, иеилахәуп, рҷыдарақәак шрымоугьы: аҳәахьа – иҳәоу, иҧҟоу, наҟ-ааҟ иеидгылоу, аиқәшаҳаҭра зыбжьоу аганқәа еидызкыло ажәа (абри ҳасабс иҟаҵаны ауп «Ветхий Завет», «Новый Завет» раҧхьатәи аҧсуа еиҭагаҩцәа «Ажәытә Ҳәоу», «Аҿатә Ҳәоу» ҳәа изеиҭаргазгьы). Ауасиаҭ – зыҧсҭазаара иалҵыз, иҟам ауаҩҧсы иҵыхәтәажәа, изгәакьоу ирзынижьуа анагӡатә.
«Ажәытә Уасиаҭ» аҿы абри аидгыларатә, аиқәшаҳаҭратә аҧааимбар ду Моисеи ила ицәыргоуп. Уи иабзоураны Анцәа сыжәлар шәоуп ҳәа иалихыз ауааҧсыра, ауриа жәлар, илыҧха-игәыҧха рыҭара, рыдгылара иақәиргәыҕит.